АҩАР - Сагареџьотәи “Џьеогоспиталь” ашҟа днагоуп бџьармцалатәи ахәра зауз Ҭорнике Рижваӡе, иҭагылазаашьа цәгьоуп, аусԥшаара хацыркуп аҽшьраҟынӡа анагара азы
Сагареџьотәи “Џьеогоспиталь” ашҟа днагоуп бџьармцалатәи ахәра зауз Ҭорнике Рижваӡе, иҭагылазаашьа цәгьоуп, аусԥшаара хацыркуп аҽшьраҟынӡа анагара азы, – иануп АҩАР аҳәамҭа аҿы.
“2025 шықәса ԥхынгәы 7 рзы Сагареџьотәи “Џьеогоспиталь” ашҟа днагоуп бџьармцалатәи ахәра зауз Ҭорнике Рижваӡе, иҭагылазаашьа цәгьоуп, аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 115-тәи ахәҭаҷ ала – аҽшьраҟынӡа анагара азы.
Ҭорнике Рижваӡе иузахмырԥо цхыраара изаадырԥшит. Аҳақьым иажәақәа рыла, иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.
Иара убас, абџьар аҭакԥхықәрада аҵәахразы, Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 238-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, хаҿык даанкылоуп”, – иануп АҩАР аҳәамҭа аҿы.