АҩАР аинициативала, амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҳара азы Административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла аԥсахрақәа алалоит, урҭ рыла  ахараԥса иазҳауеит
АҩАР аинициативала, амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҳара азы Административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла аԥсахрақәа алалоит, урҭ рыла ахараԥса иазҳауеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аинициативала, амҩақәа рҿы ашәарҭадара аизырҳара азы Административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла аԥсахрақәа алалоит, урҭ рыла иазыԥхбагәаҭоуп ахараԥса азҳара.

Арҭ аԥсахрақәа ахықәкы хаданы ирымоуп амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара аихырҳареи амҩатә машәырқәа рыԥхьырҟәҟәаареи.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациа ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы амашьынақәа рхыԥхьаӡара азҳареи амобилра аизҳареи рфон аҿы, амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара уадаҩра дуны иаанхоит.

Ари ахырхарҭала иҟоу ақәҿиарақәа ирыхәамԥшыкәа, есышықәса Қырҭтәыла амҩатә машәырқәа рҿы шәҩыла ауаа ҭахоит, ааха ӷәӷәа роуеит.