АҩАР аинформациала, Елина Валтонен амҩа закәандарала аркразы ашәахтә лықәырҵеит
OSCE ахантәаҩы, Финлиандиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Елина Валтонен Русҭавели имҩаду аҿы закәандарала аркразы 5000 лари иаҟароу ашәахтә лықәҵоуп, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟа́тәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Жьҭаара 14 рзы OSCE ахантәаҩы, Финлиандиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Елина Валтонен Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥысуаз акциахь днеит. Валтонен акциа аҟынтә авидео ааԥхьара ҟалҵеит.
OSCE ахантәаҩы, Финлиандиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Елина Валтонен Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахь ааԥхьара ҟалҵеит: “Финлиандиашҟа шәаасыԥхьоит, зхы иақәиҭу АИХқәа рхаҭарнакцәа ҳарԥылап, иарбанзаалак адемонстарциа ашҟа ҳнеир ҳалшоит” ҳәа.
OSCE ахантәаҩы, Финлиандиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Елина Валтонен лвизит инамаданы Қырҭтәыла АдәАР аҟынтә OSCE амаӡаныҟәгарахь аҿагыларатә нота ишьҭын. Адәныҟатәи аусҳәарҭа анотаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аофициалтә авизит ала иазыԥхьагәаҭаз апрограмма ада, аминистр Елина Валтонен аиҳабыра иаҿагыло активистцәа ргәыԥ еиҿыркааз акциахь днеины, Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи ауаажәларра арҩашьара аҽазкра ауп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.