АҩАР аинформациала, азакәанхьчаҩцәа Қырҭтәыла апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ административтә ҵасла ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит
Азакәанхьчаҩцәа Қырҭтәыла апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ административтә ҵасла ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит.
Қырҭтәыла Актәи аканал ахь АҩАР аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ҩыџьа атәылауаа аанкылоуп административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла 173-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны – аполициаа рыдҵаҟаҵара азымӡырҩрра.
Апарламент аԥхьа акциа иалагеит апарламент аҿы Аамҭалатәи аусԥшааратә комиссиа аилатәара анымҩаԥысуаз аамҭазы. Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, акомиссиа алахәылацәа ақырҭуа ар рықәыӡбара ауп хықәкыс ирымоу. Ар адкылашьа амам.
Қырҭтәыла апарламент аҿы “2003-2012 шықәсқәа рзы арежими усҟантәи аполитикатә усзуҩцәеи русзура” аҭҵааразы иаԥҵаз апарламенттә комиссиа иахьатәи аилатәараҿ 2008 шықәсзы Қырҭтәыла абџьармчқәа рыштаб иалаз аҭынчратә операциақәа рыштаб еиҳабы Мамука Ҟурашвилии 2004-2006 шш. рзы аҳәынҭминистр иҭыԥ аанызкызылоз Гога Хаиндравеи рҿахәы иҿырхит. Иара убас, иахьа акомиссиаҿ апарламент авице-спикер Гиа Вольски, уи 2004-2006 шш. рзы аҳәынҭминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан.