АҩАР - Агәыԥтә амч ахархәара аиҿкаареи агәыԥтә нырра аиҿкаареи рфакт иадҳәаланы, Қарҭ, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аусԥшааратә усурақәа мҩаԥысуеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, агәыԥтә амч ахарқәара аиҿкаареи агәыԥтә нырра аиҿкаареи рфакт иадҳәаланы, Қарҭ, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аусԥшааратә усурақәа мҩаԥысуеит.
„Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭтәи аполициа адепартамент агәыԥтә амч ахарқәара аиҿкаареи агәыԥтә нырра аиҿкаареи рфакт иадҳәаланы, Ашьауӷа закәанеидкыла 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭеи 226-тәи ахәҭаҷи шьаҭас рыҭаны, Қарҭ, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аусԥшааратә усурақәеи, аус иадҳәалоу ахаҿқәа рыҩнқәа рҿы аимдареи мҩаԥыргоит”, – аарыцҳаит АҩАР аҟынтә.
Уаанӡа агәыԥ “Даитове” алахәылацәа асоциалтә ҳаҿы аладырҵәаз адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа рыҩнқәа еимырдоит. Уажәы агәыԥ “Даитове” ашьаҭаркҩы Ненси Воланд лыҩны еимырдоит. Аимдара апроцесс аҿы дыҟоуп адукат Шоҭа Ҭуҭбериӡе.