АҩАр - Аҵыхәтәантәи хәымш рыла Русҭавели имҩаду закәандарала аркразы азакәанхьчаҩцәа 29-ҩык акциа алахәылацәа ааныркылеит
АҩАР аусуҩцәа аҵыхәтәантәи хәымш рзы аизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы иааныркылеит 29-ҩык атәылауаа, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
АҩАР акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә изарақәеи аманифестациақәеи ирызку азакәан аҳәаақәа ирҭымҵырц.
“Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа аҵыхәтәантәи хәымш рыла аизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы, Русҭавели имҩаду закәандарала аркразы, 29-ҩык акциа алахәылацәа ааныркылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә изарақәеи аманифестациақәеи ирызку азакәан аҳәаақәа ирҭымҵырц”, – иануп аҳәамҭа аҿы.