Атуризм азы амилаҭтә администрациа  - Қырҭтәыла жәларбжьаратәи атуристцәа рвизитқәа 52% иреиҳаны еиҭашьақәгылоуп
Атуризм азы амилаҭтә администрациа - Қырҭтәыла жәларбжьаратәи атуристцәа рвизитқәа 52% иреиҳаны еиҭашьақәгылоуп

Атуризм азы амилаҭтә администрациа мшаԥы мзтәи астатистикатә дыррақәа аланарҵәеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, сынтәа, мшаԥы азы Қырҭтәылаҟа имҩаҧган 244 293 жәларбжьаратәи визитқәа, ари арбага 2021 шықәса мшаԥы аасҭа +184.9% рыла еиҭашьақәглылоуп, 2019 шықәсатәи арбагақәа еиҿҳарԥшыр, авизитқәа реиҭашьақәгылара акоефициент 37.7% иаҟароуп.

Атуризм азы амилаҭтә администрациа аҳасабырба инақәыршәаны, жәларбжьаратәи визитқәа рхыԥхьаӡара 182 381 иаҟароуп, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 140.5%-ла еиҳауп,2019 шықәсатәи арбагақәа еиҿҳарԥшыр, авизитқәа реиҭашьақәгылара акоефициент 52.3% иаҟароуп.

Адокумент инақәыршәаны, 2022 шықәсазы Қырҭтәылаҟа 820 796 жәларбжьаратәи визитқәа мҩаҧган,2021 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥытәи апериод еиҿҳарԥшыр, азҳара +272.3% иаҟароуп.