Атуризм администрациа ааԥхьарала Қырҭтәыла даҭааит аҭыжьымҭа Bell’Europa афотограф
Атуризм администрациа ааԥхьарала Қырҭтәыла даҭааит аҭыжьымҭа Bell’Europa афотограф

Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәантәалоу аҿиареи рминистрра иаҵанакуа Атуризм администрациа ааԥхьарала Қырҭтәыла даҭааит адунеи аҿы еицырдыруа италиатәи аҭыжьымҭа Bell’Europa афотограф.

Атуризм администрациа аинформациа ала, апресстур аҳәаақәа ирҭагӡаны италиатәи афотограф Қарҭ ақалақь аблахкыгарҭақәеи, амузеиқәеи, аҭоурыхтә баҟақәеи, атуристтә ҭыԥқәеи, ажәытә Қарҭ араионқәеи ҭихит. 2022 шықәса алагамҭазы Bell’Europa аҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ирызку астатиеи афоторепортажи икыԥхьхоит.