Атомгәыцәтә маҭәашьар - уран закәандарала аҭира-аахәареи рфакт азы, Баҭым Қырҭтәыла тәылауаҩки тәымтәылауҩки иаанкылан
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атрансмилаҭтә ацәгьоура аанарԥшит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.
“Амаҵзура аконтрԥшыхәратә департаменти аоперациа ҷыдақәа рдепартаменти русзуҩцәа еицымҩаԥыргаз ауснагӡатәқәа раан атомгәыцәтә маҭәашьар – уран закәандарала аҭира-аахәареи рфакт азы, Баҭым Қырҭтәыла тәылауаҩки тәымтәылауҩки иаанкылан.
Иаанкылоу ахаҿқәа рҟны ирыбжьарҵаз аилаӡараан ишеилкаахаз ала, уран аҭирала хмиллион доллар аиура ргәы иҭан.
Ари атомгәыцәтә маҭәшьар, арадиоактивтә альфеи агамма шәахәаушьҭреи рдоза рымчи рхыҵхырҭеи иазыԥхьагәаҭаны, ари амаҭәашьар амассатә нырҵәаразы атҟәацгақәа рыҟаҵаразы рхы иадырхәоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, аусԥшаара хацркуп 230-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭала, ари ацәгьоуразы иазыԥҳьагәаҭоуп хәышықәса инаркны жәашықәсанӡа аҭакра.