Атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аҵаақәшьқьрааразы амилаҭтә аизга алахәылацәеи Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахаҭарнакцәеи Ахьӡ-аҧша аорденқәа ранеишьеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии еицыҟарҵаз ажәалагала ашьаҭала, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аҵаақәшьқьрааразы амилаҭтә аизга алахәылацәеи Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахаҭарнакцәеи Ахьӡ-аҧша аорденқәа ранеишьеит.
Анашьамҭаҭара ацеремониаҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәыз аспортсменцәа зегьы аолимпиатә лицензиа аиуразы 50-50 нызқь лари роуеит. Иара убас, аолимпиада аҧхьахәгаҩцәа аҧаратә ҳамҭақәа рзышьақәдыргылеит, авице-чемпионцәа – Лука Берулавеи Анастасиа Метелкинеи 500-500 нызқь лари роуеит.
Аспортсменцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахаҭарнакцәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа раиуреи ақәҿиарақәеи рыдырныҳәалеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи. Анашьамҭаҭара ацеремониаҿы иқәгылеит Амилаҭтә олимпиатә комитет ахада Лери Хабелови Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахада Мариам Гиоргобиании.
Аҭоурыхтә аспорттә қәҿиарақәа рзы Ахьӡ-аҧша аорденқәа ранашьоуп аҵаақәшьқьрааразы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәылацәа: Лука Берулава, Анастасиа Метелкина, Анастасиа Губанова, Ника Егаӡе; азыҟаҵаҩцәа – Павел Слиусаренкои Еҭер Ҭуҭбериӡеи; Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахада Мариам Гиоргобиании аҵаақәшьқьраараҿы жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Саломе Чигогиӡеи.