Атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа – Амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара апроцесс аартуп, уи маӡалатәи аҟазшьа амам
Атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа – Амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара апроцесс аартуп, уи маӡалатәи аҟазшьа амам

 

Қырҭтәыла ахада лусмҩаҧгарҭа аҳәамҭа ишану ала, атәыла ахада иаҧшьалгаз амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара апроцесс  — иуадаҩу акомплекстә процессуп, ари апроцесс аартуп, маӡалатәи аҟазшьа амам.

«Атәыла ахада иаҧшьалгаз амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара апроцесс  — иуадаҩу акомплекстә процессуп, ари апроцесс аартуп, маӡалатәи аҟазшьа амам.  Аҵыхтәантәи амшқәа рзы аларҵәара аман еиуеиҧшым аинформациа,  атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа акәӡам ари аинформациа алазырҵәо.

Амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара апроцесс алагамҭазы,  атәыла ахада аганқәа зегьы дырзыӡырҩуеит,  аиҧыларақәа мҩаҧылгоит,  амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара зегьирзеиҧшу апроцесс иалахәы  еиуеиҧшым ауаажәларратә гәыҧқәа ргәаанагарақәеи,  рпозициақәеи,  ринициативақәеи еилылкаауеит.

Зыӡбахәы ҳәоу апроцесс иалахәып аполитикатә партиақәа мацара ракәымкәа, ауаажәларрагьы, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы нрылаҵаны.

Қырҭтәыла ахада Қырҭтәыла Апатриархи,  Қырҭтәыла аҧшьбатәи ахада Гьаргь Маргвелашвилии,  аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи дырҧылахьеит.

Апроцесс инагӡоит,  атәыла ахада активтә режим аҿы аиҧыларақәа рымҩаҧгара налыгӡоит», — иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.