Атәыла ахада ашьауҕа зқәылхыз Лазаре Григориадис абахҭа дҭыҵит.
Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Лазаре Григориадис ашьауҕа иқәхра иазку акт лкьыҧхьеит.
Аӡбарҭа 21 шықәса зхыҵуа Лазаре Григориадис ахара изышьақәнарҕәҕәеит хәажәкыразы Қарҭ имҩаҧысуаз апротесттә акциақәа раан аполициа аусзуҩцәа ргәабзиара азарал азаагара аҽазкреи аҳәынҭқарратә амал аҧхасҭатәреи азыҳәан. Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ Звиад Шараӡе Лазаре Григориадис 9 шықәса аҭакра иқәиҵеит.