Атеррористтә аиҿкаара «Исламтәи аҳәынҭқарра» бжьҩык адгылаҩцәа заанаҵтәи аҭакра рықәҵан
Атеррористтә аиҿкаара «Исламтәи аҳәынҭқарра» адгылареи ацхыраареи, ахымцабџьар аахәара-аҵәахреи рзы ахара зду абжьҩык Қарҭтәи ақалақьтә аӡбаҭа аӡбаҩ Арсен Калатозившили заанаҵтәи аҭакра рықәиҵеит.
Аӡбаҩ апрокуратура азыҳәара дақәшаҳаҭхеит, адукатцәа ашас ԥара ацынхәрас ацәгьоуцәа роужьҭра иаҳәон.
Бжьҩы рҟынтә фҩык азербаиџьанаа, Қырҭтәыла атәылауаа роуп, аӡәы – Ҭырқәтәыла атәылауаҩ. Аӡбарҭа иашьҭанеиуа аилатәара рашәара 10 рзы мҩаԥгахоит.
Аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аимдараан арҭ ауаа ирыдбалоуп атеррористтә символикеи, аелектронтә информациа ахархәагақәеи, аҧжәагақәеи, аусеилыргаразы зҵакы дуу егьырҭ ашаҳаҭгақәеи.