Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Давиҭ Габаиӡе инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Аҷаратәи автономтә республика Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Давиҭ Габаиӡе инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иахьа иара аофициалтә аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Давиҭ Габаиӡе „Ақырҭуа гәахәтәи“, уи ашьаҭакҩи“, аусуҩцәеи ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, ари аӡбара ихаҭа идикылеит.
„Ари азҵаара сазхәыцуеижьҭеи акрыҵуеит, анапгаратә гәыҧ рҟны аконсультациақәа сыман. Жәашықәса иреиҳаны анапхгаратә ҭыҧ ааныскылоит, аиҭакрақәа мҩаҧгатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҭорнике Рижваӡе изкны иазгәасҭар сҭахуп ари аӡбара изакәызаалак ак ала иара ишидҳәалам. Иара Аҷара аиҳабыра рхантәаҩыс дҟалаанӡагьы сара Иреиҳаӡоу ахеилак хантәаҩыс сыҟан“, – иҳәеит Давиҭ Габаиӡе.