Аҷара амуниципалитетқәа рҿы ақәаршҩы аԥсабаратә рыцҳара ахылҿиааит.
Қеда, Дологани ақыҭаҿ аҩны еилаҳан, ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит.
Хелвачаури аӡиас Маҷахела хыҵын, ахатәы ҩнқәа аӡы рыҩналеит, аинфраструктура аԥхасҭа аиуит.
Амуниципалитет аҿы арыцқьаратә усурақәа цоит амш бааҧс иаанагаз ахҟьа-ҧҟьақәа рырҽеиразы. Аҭыԥ аҿы дыҟоуп амуниципалитет ахада Заза Диасамиӡе.