Ацентртә алхратә комиссиа Қарҭ ахада иҭыԥ азы алхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа реиихшьаалақәа ҟанаҵеит
Ацентртә алхратә комиссиа Қарҭ ахада иҭыԥ азы алхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа реиихшьаалақәа ҟанаҵеит

Ацентртә алхратә комиссиа иахьатәи еилатәараҿ Қарҭ ахада иҭыԥ азы алхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа реиихшьаалақәа цәырнагеит.

Алҵшәақәа рыла, Қарҭ ахадас далхуп апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыл” аҟынтә акандидат Каха Калаӡе, уи 258776-ҩык алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит – 55.60%. Қарҭ ахада иҭыԥ азы алхрақәа аҩбатәи ртур рпозициақәа аадырԥшит 480302-ҩык алхыҩцәа. Ацентртә алхратә комиссиа иахьатәи еилатәараҿ Қарҭтәи сакребуло ахь 2021 шықәса жьҭаара 2 рзы имҩаԥгаз алхрақә рылҵшәақәагьы цәырнагеит.

Аихшьаалатә аԥкаанҵа инақәыршәаны, алхрақәа рахь инеит 494676-ҩык алхыҩцәа. Амандатқәа абас ишоуп: “Иаку амилаҭтә ҵысра” – 23 мандат, “Лело” – 2, “Гахариа – Қырҭтәылазы” – 4, “Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла” – 19, “Зураб Гирчи Џьаԥариӡе” – 1, “Анна Долиӡе ажәлар рзы” – 1.