Ацентртә алхратә комиссиа абжьаратәи алхрақәеи ақалақьқәа рхадацәа изаамҭаным алхрақәеи рылҵшәақәа цәырнагеит
Ацентртә алхратә комиссиа абжьаратәи алхрақәеи ақалақьқәа рхадацәа изаамҭаным алхрақәеи рылҵшәақәа цәырнагеит

Ацентртә алхратә комиссиа абжьаратәи алхрақәеи ақалақьқәа рхадацәа изаамҭаным алхрақәеи рылҵшәақәа цәырнагеит.

Иацы Қырҭтәыла муниципалитетқәак рҿы, 117 алхырҭа рҿы имҩаҧысит апарламенти Сакребулои рахь абжьаратәи алхрақәеи ақалақьқәа рхадацәа изаамҭаным алхрақәеи, алхрақәа рахь инеит 55363-ҩык алхыҩцәа.

Сакребуло ахь абжьаратәи алхрақәа заанаҵтәи рдыррақәа: Гурџьаани, №8 амажоритартә округ аҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Зураб Сухулашвили иоуит 1347 бжьы. Ҭианеҭи «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Иосеб Маҭурели иоуит 345 бжьы. Ахалцихе «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Роин Небаӡе иоуит 463 бжьы. Тҟибули «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Гьаргь Кереселиӡе иоуит 321 бжьы – ари алхыҩцәа 86,62% иаҟароуп, зхы иақәиҭу акандидат Гьаргь Гагошиӡе иоуит 204 бжьы – 13,37%. Қәҭешь «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Михеил Гиоргаӡе иоуит 5331 бжьы.

Ақалақьқәа рхадацәа изаамҭаным алхрақәа рылҵшәақәа рыла, Цагери «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Леван Залкалиани иоуит 2158 бжьы. Ҭерџьола Ақалақьқәа рхадацәа изаамҭаным алхрақәа рылҵшәақәа рыла, Цагери «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Манучар Робақиӡе иоуит 9559 бжьы.

Апарламент ахь абжьаратә алхрақәа рылҵшәақәа рыла, Ԥуҭи, Сенаки, Хобии рмажоритартә округқәа рҿы “Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла” акандидат Бесик Ҵулеискири иоуит 1208 бжьы – 4,67%, «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» акандидат Гьаргь Хахубиа 24646 бжьы – 95,32%.