Ацентртә алхратә комиссиа  103 алхырҭа рҟынтә заанаҵтәи дыррақәа аланарҵәоит
Ацентртә алхратә комиссиа 103 алхырҭа рҟынтә заанаҵтәи дыррақәа аланарҵәоит

Ацентртә алхратә комиссиа  атехнологиа ҿыцқәа рхы иадырхәаны алхрақәа ахьымҩаԥгаз 103 алхырҭа рҟынтә заанаҵтәи дыррақәа аланарҵәоит.

„Гурџьаани апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы адемократиатә Қырҭтәыла” акандидат Гьаргь Маҷавариани 14 450 бжьы иоуит, апарламнттә абжьаратә алхрақәа рҿы Гории Каспии 15-тәи амажоритартә округ аҿы “Асоциалтә аиашазы” аҟынтә акандидат Мамука Тускаӡе 1344 бжьы иоуит – 6.59%, апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы адемократиатә Қырҭтәыла” акандидат Гьаргь Сосиашвили 19032 бжьы – 93.4%”, – иҳәеит ЦАК ахантәаҩыГьаргь Каландаришвили.

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа ала, алхрақәа рхы аладырхәит 43 330-ҩык алхыҩцәа, ари 23,51% ауп.