Асуррогациа азин роуеит Қырҭтәыла атәылауаа мацара
Асуррогациа азин роуеит Қырҭтәыла атәылауаа мацара

«Аиҳабыра аинициатива иқәдыргылеит Қырҭтәыла асуррогациатә анра азин Қырҭтәыла атәылауаа мацара рыҭара иазкны», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, апроблематә зҵаарақәа иреиуп ассурогациатә анреи уи иадҳәалоу апроблемақәеи,  ари азҵаара иахәаҧшит адемографиатә зҵаарақәа рзы ахеилак аҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылаҿ ари азҵаара аҭыҧ иқәҵамызт.

«Франциа,  Германтәыла,  Испаниа,  Швеицариа,  Швециа,  Финлиандиа,  Италиа,  Литва,  Естониа уҳәа,  аҿиара ду змоу атәылақәа рҿы асуррогациа зынӡаскгьы иқәиҭымуп.  Хәҭала,  агибридтә модель ахьыҟоу атәылақәа иҟоуп,  урҭ иреиуп  Бельгиа, Британиа Ду,   Даниа, Канада, Австралиа,  Зеландиа Ҿыц.

Ҳара ари азҵаара ҳалацәажәеит. Азакәанпроект ҿыц инақәыршәаны,  ари аус азы Қырҭтәыла атәылауаа мацара азин рымазар ҳҭахуп. Ҽакала иаҳҳәозар,  атәымытәылауаа уаҳа аҿаҵа аҟаҵара рылшом,  сҳәашьа ҧшӡамзаргьы ҟалап,  аха,  абри аҩыза афактқәа онлаин асистемалагьы имҩаҧысуеит,  аӡыргара рацәоуп,  ари азҵаара хымҧада аҭыҧ иқәҵатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.