"Астатистикатә маҵзура" - 2024 шықәсазы аҩныҵҟатәи атуризм имаҷхеит 5,6%-ла, авизитқәа рзы есымзатәи ахарџьқәа маҷхеит 3,2%-ла
Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, 2024 шықәса аҧшьбатәи акварталаз Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭыҧантәи аҭааҩцәа мызктәи абжьаратә рхыҧхьаӡара 1 315,5 нызқьҩык ираҟаран.
Зыӡбахәы ҳәоу аамҭазы аҭааҩцәа мыктәи абжьаратә рхыҧхьаӡара иазҳаит 5,6%-ла, аха, дара имҩаҧыргаз авизитқәа рхыҧхьаӡара маҷхеит 2,1%-ла.
«Амилаҭтә статистикатә маҵзура» адыррақәа рыла, 2024 шықәса аҧшьбатәи акварталаз Қырҭтәыла арезидентцәа атәыла аҩныҵҟа 672,5 нызқь авизитқәа мҩаҧыргеит, ари арбага ҵыҧхтәи иашашәалоу аамҭа арбага аасҭа 2,1%-ла идууп.
Зегьы реиҳа аҭааҩцәа рацәан Қарҭ – мызкала 376,5 нызқьҩык, иара убас, Имереҭи арегионаҿгьы – мызкала 324,5 нызқьҩык раҟара.
«Амилаҭтә статистикатә маҵзура» аҳасабырба инақәыршәаны, 2024 шықәса аҧшьбатәи акварталаз аныҟәарақәа рзы мызктәи азеиҧш харџьқәа 259,0 миллион лари иаҟаран, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 3,2%-ла имаҷуп.