Аслан Бжьаниа  - Егры аӡиас инаваршәны Аҧсны аҳәынҭқарратә аҳәаа ииасуеит, ауаа аҳәаа иахысуеит, шьҭахьҟа ихынҳәуеит, ихәаахәҭуеит, ҳара хымҧада абри ахәаахәҭра ҳахылаҧшроуп
Аслан Бжьаниа  - Егры аӡиас инаваршәны Аҧсны аҳәынҭқарратә аҳәаа ииасуеит, ауаа аҳәаа иахысуеит, шьҭахьҟа ихынҳәуеит, ихәаахәҭуеит, ҳара хымҧада абри ахәаахәҭра ҳахылаҧшроуп

Ҳара ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә  Аҧсны иалганы аидара амҩангара  ҳазҿлымҳауп, —  иҳәеит импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа агентра ТАСС аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, абри апроцесс ауаа ахашәала рнаҭоит, аусурҭа аҧшаараҿы ирыцхраауеит.

«Урыстәылеи Шәамахьтәылеи ари азҵаара иазҿлымҳазар —  иазҿлымҳауп ҳәа сгәы иаанагоит —  ҳаргьы ахҧатәи атәылақәа рҟынтә Аҧсны иалганы аидара амҩангара ҳазҿлымҳауп, уи ауаа ахашәала рзаанагоит, аусурҭа аҧшаараҿы ирыцхраауеит. Абри азҵаара рационалла ҳазнеир ҳҭахуп», —  иҳәеит Бжьаниа.

Иара Қырҭтәылаҟны ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәагьы дырзааҭгылеит.

«Ҳара Қырҭтәылаҟны аофициалла ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ҳамам. Дара ҳхьыҧшымра иазхарҵом.  Егры аӡиас инаваршәны Аҧсны аҳәынҭқарратә аҳәаа ииасуеит. Ауаа аҳәаа иахысуеит, шьҭахьҟа ихынҳәуеит, ахәаахәҭра иаҿуп.  Ҳара хымҧада абри ахәаахәҭра ҳахылаҧшроуп, уи ҳуааҧсыра ирыхәаратәы, хырҳагак рзаанагаратәы иҟаҳҵароуп. Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Қырҭтәылаҟны ахәаахәҭра акәӡам сызлацәажәо», — иҳәеит Бжьаниа.

Женева имҩаҧысуа жәларбжьаратәи адискуссиақәа данрылацәажәоз,  импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада ишиҳәаз ала,  кыршықәса рыҩнуҵҟа аҧсуа аган амч ахархәамра иазку адокумент анапҵаҩра азҵаара иқәдыргылоит.

«Кыршықәса рыҩнуҵҟа зҵаарак иқәҳаргылоит  —  амч ахархәамра иазку адокумент анапаҵаҩра. Ақырҭуа агангьы абри азҵаара иқәдыргылоит, ҳаизыҟазаашьақәа аҭыҧ иқәҵатәуп, агәребагара шьақәыргылатәуп ҳәа рҳәоит. Аха анормалтә аизыҟазаашьақәеи агәреибагареи зыҟалом аибашьра ашәарҭара аныҟоу, ус ауми?» — иҳәеит Бжьаниа.