Ашықәс ҿыц ааигәахара инамаданы, аҧсаҵла ахҵәаразы ахылаҧшра рҕәҕәоуп
Ашықәс ҿыц ааигәахара иадҳәаланы, Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрра иашьашәалоу амаҵзурақәа аҧсаҵлақәа рыхҵәареи рымҩангареи азы ахылаҧшра дырҕәҕәеит .
Амилаҭтә абнатә агентра даҽазнык ауааҧсыра ирыҳәоит аҧсабара ҧырхага азаамгакәа, иҧсабатәым аҧсаҵлақәа рхы иадырхәарц.
Аҧсаҵлақәа закәанла раахәара ҟалоит аплантациақәа рҿы, иара убас, аҳәаанырцәынтәгьы, убри адагьы, аҩны агәараҿ еиҭаҳау аҧсаҵлақәагьы рхархәара ҟалоит. Абри аҩыза аҧсаҵлақәа рымҩангараан ауаҩы иашьашәалоу аилкаага ицзароуп.