Ашьапымпыл | ФИФА 20 шықәсанӡа зхыҵуа рзы адунеи ачемпионат мҩаҧысуеит Қырҭтылеи Шәамахьтәылеи #1TVSPORT
Канада имҩаҧысуа FIFA 76-тәи аконгресс аҧхьа, адунеитә ашьапымпыл анапхгаратә орган ахеилак аилатәараҿы ишырыӡбаз ала, 20 шықәсанӡа зхыҵуа рзы адунеи ачемпионат мҩаҧгахоит 2029 шықәсазы, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи.
Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи 2029 шықәсазы 20 шықәсанӡа зхыҵуа рзы адунеи ачемпионат амҩаҧгаразы 2024 шықәсазы азаҳәамҭа еицыҟарҵеит. Ари азҵаара иалацәажәеит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ршьапымпылтә федерациақәа рхадацәа Ереван еицымҩаҧырга абрифинг аҿы.
Ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәыла ФИФА анапхгарала имҩаҧысуа адунеитә аҩаӡара змоу атурнир мҩаҧнагоит.
Ачемпионат ахьымҩаҧысуа ақалақьқәеи, астадионқәеи, егьырҭ аиҿкааратә зҵаарақәеи ирызку аинформациа еилкаахоит ҧыҭрак ашьҭахь.