Ашьапылмпыл азы Қырҭтәыла аизга ашықәс раҧхьатәи аматч мҩаҧнагоит Израиль аизгаҟны  - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT
Ашьапылмпыл азы Қырҭтәыла аизга ашықәс раҧхьатәи аматч мҩаҧнагоит Израиль аизгаҟны  - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT

Ашьапылмпыл азы Қырҭтәыла аизга ашықәс раҧхьатәи аматч мҩаҧнагоит. Иахьа Қарҭ, Михаил Месхьи ихьӡ зху астадионаҿ, Қырҭтәылеи Израили реизгақәа еиҧылоит. Аматч иалагоит асааҭ  21:00 рзы. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит  Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Ари аматч ала, Қырҭтәыла аизга Амилаҭқәа рлигазы аҽазыҟаҵара иалагоит. Гурам Кашиа амилаҭтә аизгаҿы икариера анхиркәша ашьҭахь, Қырҭтәыла амилаҭтә аизга каҧданс дҟарҵеит Хвича Кварацхелиа.