Ашьапылампылтә матч Қырҭтәыла – Испаниа азы абилеҭқәа аахәаны измоу ауааҧсыра рзы акоменданттә сааҭ  01:00 аҟынӡа инагӡазаауеит
Ашьапылампылтә матч Қырҭтәыла – Испаниа азы абилеҭқәа аахәаны измоу ауааҧсыра рзы акоменданттә сааҭ  01:00 аҟынӡа инагӡазаауеит

Ашьапылампылтә матч Қырҭтәыла – Испаниа азы абилеҭқәа аахәаны измоу ауааҧсыра, амач аамышьҭахь аҩныҟа ацара иахьӡарцаз,  акоменданттә сааҭ рзынагӡахоит   01:00 аҟынӡа.

Иара убас, Акоординациатә хеилак аӡбара ала, аматч иадҳәаланы, иахьа амуниципалтә транспортгьы асааҭ  01:00-нӡа аус ауеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа азгәыбылҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аҭакҧхықәра ду аарҧшны,  адистанциа ахьчара уҳәа, аҧҟарақәа зегьы ирықәныҟәарц.