Қырҭтәыла Арегионалтә аҿаиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵанакәа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, мышқәак рыҩныҵҟа Қырҭтәыла зехьынџьара асоура иаҿуп, убри аҟынтә, автомобилтә аиҭаҵразы аҧкрақәак шьақәыргылоуп.
Атәыла зехьынџьара уахгьы-ҽынгьы амҩақәа ррыцқьаратә усурақәа мҩаҧысуеит, амҩақәа аџьыкхыш рықәырҧсоит. Арыцқьаратә усурақәа ирылахәып 500 цыра еиҳаны атехника ҷыда.
Уажәазы автомобилтә мҩақәа рҿы абарҭ аҧкрақәа шьақәыргылоуп:
Ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом абарҭ амҩатә цыҧҵәахақәа рҿы: Қарҭ–Сенаки–Леселиӡе автомобилтә мҩа 40–тәи километр инаркны 260-тәи километр аҟынӡа, Мцхеҭа-Стапанҵминда-Ларс автомобилтә мҩа Гудаури-Коби ацыҧҵәахаҿы, Хашури-Ахалцихе-Вале автомобилтә мҩаҿы, Баҭым – Ахалцихе амҩатә цыҧҵәахаҿы, Қәҭешь – Ҵҟалтубо – Цагери – Лентехи автомобилтә мҩаҿы, Жәыргьыҭ-Џьвари- Местиа-Ласдили амҩатә цыҧҵәахаҿы.
Иара убас, изакәызаалак атранспорттә хархәагак ала аиҭаҵра ҟалом абарҭ автомобилтә мҩақәа рҿы: Баҭым (Ангиса)-Ахалцихе автомобилтә мҩа 86-тәи акилометр инаркны 106-ометр аҟынӡа, Жинвали-Барисахо-Шатили автомобилтә мҩаҿы.
Абарҭ амҩатә цыҧҵәахақәа рҿы атранспорт лас аиҭаҵра алшоит ақәҵәраара аҽацәыхьчаратә адаҷқәа рыла: Баҭым (Ангиса)-Ахалцихе автомобилтә мҩа 38-тәи акилометр инаркны 86-тәи акилометр аҟынӡа, Жинвал-Барисахо-Шатили автомобилтә мҩа 25-тәи акилометр инаркны 53-тәи акилометр аҟынӡа, Жәыргьыҭ-Џьвари-Местиа-Ласдили автомобилтә мҩа 70-тәи акилометр инаркны 186-тәи акилометр аҟынӡа.