Арчил Ҭалакваӡе - Апарламент аиҳабыра еилазаашьа ҿыц арҭ амшқәа рзы шьақәнарӷәӷәоит
Қырҭтәыла апарламент аиҳабыра еилазаашьа ҿыц арҭ амшқәа рзы шьақәнарӷәӷәоит, – Твиттер аҿы ари атәы ааицҳаит апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе.
Ҭалакваӡе иажәақәа рыла, анапхгаратә гәыԥ аиҳабыратә политика анагӡара рымч-рылшара зегь азыркуеит.
“Ҳара анапхгаратә гәыԥ аиҳабыратә политика анагӡара ҳамч-ҳалшара зегь азахкуеит. “Ақырҭуа гәахәтәы” атәылауаа рԥеиԥш бзиеи ақәҿиарақәеи рзы ашьаҿақәа рыҟаҵара иаҿцп”, – иҩит Арчил Ҭалакваӡе.
Иахьа аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара ари атәы ааицҳаит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг ҷыда аҿы.