Арбгаратә адгьылҵысра ашьҭахь, Дамаск Евроеидгылахь ацхырааразы аҳәара ҟанаҵеит
Арбгаратә адгьылҵысра ашьҭахь, Дамаск Евроеидгылахь ацхырааразы аҳәара ҟанаҵеит

Арбгаратә адгьылҵысра ашьҭахь, Дамаск Евроеидгылахь ацхырааразы аҳәара ҟанаҵеит. Ари атәы ааицҳаит акризистә ҭагылазаашьақәа рзы еврокомиссар  Ианез Ленарчик. Еврокомиссиа Евроеидгыла иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Сириаҟа ахәшәқеи афатәи дәықәырҵарц, аха, ари ацхыраара дәықәҵазароуп агуманитартә миссиақәа рыла, асанкциақәа ззышьақәыргылоу сириатәи анапхгаҩцәа ари ацхыраара рхы иадырхәар ҟалом.

Ақәгылаҩцәа рнапаҿы иҟоу араионқәа рҿы аус зуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаара «Акәылӡхылҧа шкәакәақәа» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, арегионахь агуманитартә цхыраара макьана инарымгацт.

«Арегионахь инеит  20ҩык аиқәырхаҩцәеи аҳақьымцәеи рыла еиҿкаау епипеттәи агәыҧ заҵәык, аха,  даргьы  аибыҭара рымам», — ирҳәеит аиҿкаараҿы.

Адгьылҵысра амшала Сириа иҭахеит 2662ҩык.