«Ақырҭуа жәлар ирызку акт» иазкны Америкатә Сенатаҿ имҩаҧысраны иҟаз азыӡырҩра хырҧоуп
«Ақырҭуа жәлар ирызку акт» иазкны Америкатә Сенатаҿ иҟоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитетаҿ имҩаҧысраны иҟаз азыӡырҩра хырҧоуп.
Ари аинформациа кьыҧхьуп акомитет адаҟьаҿ. Азыӡырҩра анымҩаҧысуа макьана идырым.
Азакәанпроект цәырыргеит америкатә сенатор Бен Кардини, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Џьин Шаҳини, асенаторцәа Џьим Риши, Пит Рикетси, Крис Кунси, Линдси Греми. Сенатаҿ иҟоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет адыррақәа рыла, азакәанпроектла иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра аҭакҧхықәра рыдҵареи асанкциа ҿыцқәа рзышьақәыргылареи, иара убас, «азакәанпроект инақәыршәаны, Америка иаҳа ирҕәҕәаны ақырҭуа жәлар ирыдгылоит».