Ақырҭуа-польшатәи аилахәыра «Дельта-Вебе» иатәу, аҧырҩы дызмам аппаратқәа рааглыхратә зауад аргылара ахыркәшаратә етап аҟынӡа инеихьеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Ақырҭуа-польшатәи аилахәыра «Дельта-Вебе» иатәу, аҧырҩы дызмам аппаратқәа рааглыхратә зауад аргылара апроцесс шымҩаҧысуа гәеиҭеит.
Џьуаншер Бурҷулаӡе ишазгәеиҭаз ала, хара имгакәа ари азауадаҿ аҧырҩы дызмам ақырҭуа аппаратқәа рыҟаҵара иалагоит.
Ақырҭуа-польшатәи аилахәыра «Дельта-Вебе» аҧҵан аилахәыра «Дельта Интернешнли» польшатәи аилахәыра «Вебе Електроникси» ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала. Аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоуп арегионаҿ раҧхьатәи аҵаратә центр аартра, уаҟа апрофессионалтә инструкторцәа Атәылахьчаратә мчқәа иашьшәалоу аперсонал иазыҟарҵоит.