Ақырҭуа оппозициаа амнистиа иазку азакәанпроект апринципқәа ирыхәаҧшуеит
Ақырҭуа оппозициаа амнистиа иазку азакәанпроект апринципқәа ирыхәаҧшуеит

«Ззин еилагоу ауаҩҧсы ахара зду ихақәиҭтәра дақәшаҳаҭзароуп – уи амнистиа иазку  азакәан иалагалатәу, зҵакы дуу принципуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили Шарль Мишель идокумент знапы аҵазҩыз аоппозициаа реиҧылара ашьҭахь.

«Ҳара амнистиа иазку азакәан иадҳәаланы ҳпозициазы аилкаа ҟаҳҵеит. Амнистиа рыдкьыслар ауеит аконкреттә хәҭаҷқәеи ахара здырҵахьоу ауааҧсыреи. Абраҟа ҳара  16ҩык адемонстрантцәеи 3ҩык аполициа аусзуҩцәеи роуп ҳазлацәажәо. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп,  ззин еилагоу ауаҩҧсы ахара зду ихақәиҭтәра дақәшаҳаҭзароуп – уи амнистиа иазку  азакәан иалагалатәу, зҵакы дуу принципуп.

«Ақырҭуа гәахәтәы» абри закәанпроект иадҳәаланы ирҳәо аабап», — илҳәеит Самадашвили.