Ақырҭуа оппозициа ахаҭарнакцәа аҳәамҭа аладырҵәеит
Ақырҭуа оппозициа ахаҭарнакцәа аҳәамҭа аладырҵәеит

 

Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент знапы аҵазҩыз аоппозициатә политикцәа макьана аиқәшаҳаҭра знапы аҵазымҩыц рколлегацәа рахь аҳәамҭа ҟарҵеит.

Аҳәамҭа ишану ала, Шарль Мишель идокумент анапаҵаҩра абзоурала, атәыла аполитикатә кризис алҵразы алшара аиуит.

«Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» фактла иазхарҵеит атәылаҿы апарламенттә алхрақәа шҧаршеиз, аӡбаратә система аполитикатә шьаҭа шамоу, атәылаҿы аполитбаандаҩцәа шыҟоу, аӡбаратәи алхратәи реформақәа шымҩаҧгатәу. Дара аконкреттә механизмқәа рыла аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи азы аҧхықәра ргеит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа авторцәа ргәаанагарала, атәыла анапхгара аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу аҳәарақәа нарыгӡарц азыҳәан,  аоппозициаа рыгәҭа аконфронтациеи аиҿагылареи акәымкәа, аоппозициатә мчқәа зегьы реидгылара ауп иаҭаху.