«Ақырҭуа гәахәтәы» азакәанпроект цәырыргеит  – амнистиа здызкьысло ацәгьаурақәа
«Ақырҭуа гәахәтәы» азакәанпроект цәырыргеит  – амнистиа здызкьысло ацәгьаурақәа

«Ақырҭуа гәахәтәы»    «Амнистиа иазку» азакәанпроект цәырыргеит, азакәанпроект еиқәыршәоуп  агәыҳалалратә принципәқеи ауаажәларратә шәарҭадара ахьчара иадҳәалоу аинтересқәеи рыбжьара абаланс ашьаҭала», —  иҳәеит абрифинг аҿы апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Рати Ионатамишвили.

Иара иажәақәа рыла, амнистиа рыдкьыслоит 2024 шықәса ҧхынгәы 1-нӡа иҟаҵаз ацәгьаурақәак.

«Амнистиа рыдкьыслом: ауаҩшьразы зус ӡбоу ауааҧсыра; анаркотикқәа рыла ахәаахәҭразы; асексуалтә ацәгьаурақәа рзы; арҳәразы; атерроризм азы; акоррупциеи амаҵзуратә ацәгьаурақәеи рзы, аҕьычратә дунеи алахәызааразы; аконвенциатә ацәгьаурақәа рзы, ауаа рыла ахәаахәҭразы, иара убас, егьырҭ ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы зус ӡбоу ауааҧсыра.

Актәи аҧхьарала ари азакәан ҳадаҳкылоит изаамҭаным асессиаҿы», — иҳәеит  Рати Ионатамишвили.