Апротест Қырҭтәыла Атехникатә университетаҿ 
Апротест Қырҭтәыла Атехникатә университетаҿ 

Қарҭ, Қырҭтәыла Атехникатә университет административтә хыбра аҧхьа,  апротесттә акциа мҩаҧысуеит. Академиатә аҵарадырратә гәыҧқәа рхаҭарнакцәеи астудентцәеи Қырҭтәыла Атехникатә университети Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети реидҵара иазку аӡбара аҧыхра иаҳәоит.  Акциа алахәылацәа, ари аӡбара иаҿагыло аргументқәа рцәыргаразы,  атәыла аҵара аминистри иашьашәалоу апарламенттә комитет ахаҭарнакцәеи рҧылара иазыхиоуп.