Апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет Мамука Мдинараӡе изы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы изинмчы аҿҳәаранӡа аанкылара азҵаара иадгылеит
Апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет Мамука Мдинараӡе изы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы изинмчы аҿҳәаранӡа аанкылара азҵаара иадгылеит

Иахьа  Апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет Мамука Мдинараӡе изы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы изинмчы аҿҳәаранӡа аанкылара азҵаара иахәаҧшит. Акомитет алахәылацәа ари азҵааразы абжьыҭира мҩаҧганы, иадгылеит.

Мшаҧы 21 рзы, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, аиҳабыраҿы аҧсахрақәа рымаҧгара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Аҧсахрақәа инрықәырәшаны, Мамука Мдинараӡе, авице-аҧызас дҟалоит, иара убас, аминистрра ҿыц дахагылоит  – азинхьчаратә органқәа ркоординациа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министрс дҟалоит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы иҭыҧаз иқәыргылоуп аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Гека Гелаӡе икандидатура, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҭыҧ азы кандидатс дықәгылоуп Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра ҧасатәи рнапхгаҩы Сулхан Ҭамазашвили.