Апрокурор хада иалхра аҵас ԥсаххоит
Апрокурор хада иалхра аҵас ԥсаххоит

“Апрокуратура” иазку азакәан аиҭакрақәа алагалоуп, урҭинақәыршәаны апрокурор хада иалхра аҵас ԥсаххоит. Апарламент аҿы аиҭакрақәа рыдкылара иааиуа амчыбжь азы иазԥхьагәаҭоуп, азакәан апроект ахәаԥшрагьы ирццакны имҩаԥгахоит.

Иарбоу аиҭакрақәа рыла, Апрокурор Хада инапынҵақәа рыҿҳәара нҵәаанӡа бжьымз иреиҳамкәа, Апрокуррорцәа рхеилак Апрокурор хада икандидатра ақәыргылара апроцесс иалагоит, ари апроцедура мчыбжьык иалагӡаны ихыркәшахоит. Апрокуррорцәа рхеилак алахәылацәа азин рымоуп дара-дара ркандидатцәа иқәдыргыларц. Уи ашьҭахь, Апрокуррорцәа рхеилак аилатәараҿы акандидатцәа ирызку абжьыҭира иаарьны мҩаԥгахоит. Акандидат иалхразы Ахеилак алахәылацәа риҳараҩык рыбжьы аҭахуп.