Апрокуратура жьҭаара 4 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы даҽа 17-ҩык ахара рықәнаҵеит, руаӡәы - Гьаргь Чахунашвили - ашас ашәара
Қырҭтәыла Апрокуратура амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи, рнапхгараҭареи, астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагара аҽазышәареи, амҩақәа рҿы амчылареи рзы даҽа 17-ҩык ахара рықәнаҵеит.
Ари атәы абрифинг аҿы ааицҳаит апрокурор Амиран Гулуашвили.
“Қырҭтәыла апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы ишаанацҳаз ала, АҩАР имҩаԥнаго аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы Амиран Долишвилии, Гьаргь Қорқиеи, Зақро Албуташвилии, Иракли Чхвиркиеи, Антон Упери, Антон Варданиӡеи, Гьаргь Мулаӡеи, Хвича Гогохиеи, Гьаргь Чахунашвилии, Рамаз Мамулаӡеи, Генади Ҷипреишвилии, Александр Чилачавеи, Сулхан Туӷуышьии, Леван Џьиқьиеи, Лаша Иванаӡеи егьырҭ ахаҿқәеи егьырҭ ахаҿқәеи астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагаразы Қырҭтәыла ахада ихан аанда ԥхасҭартәын, ахыбра мчыла аҩналара рҽазыркит, урҭ азакәанхьчаҩцәа ахаҳәқәеи еиуеиԥшым амаҭәарқәеи иргәыдиҵон.
Хых еиқәыԥхьаӡоу аҳаҿқәа, аӡбарҭа аӡбамҭа инақәыршәаны, жьҭаара 8-9-10 рзы иаанкылан.
Иаанкылоу ахаҿқәа ахара рықәуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 19-222-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа «а» аупнкти (еиҿкаау агәыԥ алахәылацәа рыла астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра аанкылареи аанкылара рҽазышәареи), иара убас 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭеи (агәыԥтә амчылара аиҿкаареи анапхгараҭареи), руаӡәы – Гьаргь Чахунашвили ашас ԥара ашәара иқәҵаразы аҳәара иқәҳаргылоит.
Еиԥшу ацәгьоуразы ахара рықәҵоуп Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьгалаӡеи, Лаша Бериӡеи”, – иҳәеит апрокурор абрифинг аҿы.