Апрокуратура жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы даҽа 16-ҩык ахара рықәнаҵеит, урҭ рыбжьара аӡәы - латәарада
Апрокуратура жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы даҽа 16-ҩык ахара рықәнаҵеит, урҭ рыбжьара аӡәы - латәарада

Қырҭтәыла Апрокуратура амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи, рнапхгараҭареи, астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагара аҽазышәареи, амҩақәа рҿы амчылареи рзы даҽа 16-ҩык ахара рықәнаҵеит, урҭ рыбжьара аӡәы – латәарада, – аарыцҳаит Апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы ишазгәаҭаз ала, латәарада ахара иқәҵан азкра ҷыдақәа рдепартамент аҟәша ԥасатәи анапхгаҩы Иракли Шаишмелашвили.

“Қырҭтәыла апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы ишаанацҳаз ала, АҩАР имҩаԥнаго аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы Иури Ломиӡеи, Гьаргь Талахаӡеи, Дауҭ Гиунашвилии, Ҭемыр Кәырцикиӡеи, Геннади Келихашвилии, Дато Ӷәырҵкаиеи, Рамаз Џьорбенаӡеи, Џьандри Ҭырқьиеи, Гиа Ҭолораиеи, Гури Жваниеи, Кахабер Кваҷантираӡеи, Симон Махараӡеи, Авҭандил Ҭоԥчишвилии егьырҭ ахаҿқәеи астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагаразы  Қырҭтәыла ахада ихан аанда ԥхасҭартәын, ахыбра мчыла аҩналара рҽазыркит.

Арҭ ахаҿқәа жьҭаара 17 рзы иаанкылан.

Латәарада ахара иқәҵан азкра ҷыдақәа рдепартамент аҟәша ԥасатәи анапхгаҩы Иракли Шаишмелашвили.

Ари аус иадҳәаланы имҩаԥысуа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи, рнапхгараҭареи, астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагара аҽазышәареи, амҩақәа рҿы амчылареи рзы иаанкылоуп 48-ҩык”, – иазгәаҭан абрифинг аҿы.