Аполитикатә платформа  «Ахҧатәи амч  - Аҕмашенебели истратегиа»  ахаҭарнакцәа Қарҭ аплан аӡыргара мҩаҧыргоит алхрақәа раҧхьа
Аполитикатә платформа  «Ахҧатәи амч  - Аҕмашенебели истратегиа»  ахаҭарнакцәа Қарҭ аплан аӡыргара мҩаҧыргоит алхрақәа раҧхьа

«Ахҧатәи амч — Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе  иҳәамҭала,  аполиаризациатә политикатә қәыҧшылараҿы аоппонентцәа атәылазы иҟарҵар ирҭаху  иазкны рацәак ицәажәом. Вашаӡе иажәақәа рыла, дара Қырҭтәыла аполиткиатә лабҿабара рыҧсахыр рҭахуп.

«Ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы амоуп Қырҭтәыла ақалақьқәеи ақыҭақәеи араионқәеи рекономика аҿиареи,   аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи,  ауаа рхашәала аизырҳареи,  насгьы,  зегьы реиҳа ихадоу – атәылауаа иаҧсоу аҧсҭазаара рзеиқәыршәареи. Ҳпрограммақәа амбициатә ҟазшьа рымоуп,  аха,  ҽакала аиҭакрақәа зыҟалом», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.