Аполитикатә фпартиак: “Амилаҭтә ҵысра”, “Гирчи – иаҳа ирацәаны ахақәиҭра”, “Ахали”, “Лело”, “Дроа”, “Астратегиа Аӷмашенебели” аоппозициаа ракзаара адекларациа рнапы аҵарҩит, – аарыцҳаит “Амилаҭтә ҵысра” аҟынтә.
Апартиа bаланарҵәаз аинформациа аҿы ишану ала, акзаара иазку адекларациа алхрақәа мҩаԥгаанӡа, иара убас урҭ рышьҭахь акзаара аанагоит.
“Аҵыхәтәантәи аамҭазы Биӡина Иванишвили дызхагылоу “Ақырҭуа гәахәтәы” имҩаԥырго ажәыларақәеи, аолигар[ имаҵ зуа, адемократиатә хәынаӡарақәа ирақәнымҟәо, Евроеидгылеи Нато-и рыҟша Қырҭтәыла алалара иаԥырхаго аиҳабыра ирыдыркыло аӡбамҭақәа ҳрықәыӡбоит, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иаалырԥшыз “Ақырҭуа хартиа” ахықәкқәа рхырхарҭала ҳамчқәа еидаҳкылоит.
Ҳакзаара алхрақәа рышьҭахьгьы, Қырҭтәыла апарламент аҿгьы инагӡоит.
Иахьазы адекларациа рнапы аҵарҩуеит – “Амилаҭтә ҵысра”, “Гирчи – иаҳа ирацәаны ахақәиҭра”, “Ахали”, “Лело”, “Дроа”, “Астратегиа Аӷмашенебели”. Адекларациа анапаҵаҩра рылшоит егьырҭ аоппозициатә партиақәагьы”, – иануп аинформациа аҿы.