Аполитикатә ҵысра «Ахақәиҭра ашҭа» партиас ишьақәгылеит
Аполитикатә ҵысра «Ахақәиҭра ашҭа» партиас ишьақәгылеит

Аполитикатә ҵысра «Ахақәиҭра ашҭа» партиас ишьақәгылеит. Қарҭ апартиа ҿыц ашьаҭакратә аизара мҩаҧган.

Апартиа алахәылацәа аҧҟанҵа шьақәдырҕәҕәан, аревизиатә комиссиа алахәылацәеи, апартиа ахантәаҩи, амилаҭтә хеилак аилазаареи иалырхит. Апартиа ахантәаҩыс далырхит  «Аиаҭакрақәа рзы акаолициа» ҧасатәи алахәыла Леван Цуцқьириӡе.

Цуцқьириӡе ишиҳәаз ала, иара азеиҧш азнеишьеи ахықәкқәеи змоу  атәылауаҩратә гәыҧқәеи, аполитикатә партиақәеи, атәылауааи  зегьы аус рыциуеит.