Аполициа ақәларазы иаанкылаз Гьаргь Миндаӡе хәышықәсатәи аҭакра иқәырҵеит
Аполициа ақәларазы иаанкылаз Гьаргь Миндаӡе хәышықәсатәи аҭакра иқәырҵеит

Аполициа иқәларазы иаанкылаз Гьаргь Миндаӡе хәышықәсатәи аҭакра иқәырҵеит.

Абри еиԥш аӡбамҭа лыдылкылеит аӡбаҩ Нино Галусташвили.

Миндаӡе ипроцесс иалагаанӡа, аӡбарҭаахыбраҿ аиҿагылара ҟалеит. Азакәанхьчаҩцәеи Миндаӡе ипроцесс азыӡырҩра зҭахыз атәылауааи еиҿагылеит. Азакәанхьчаҩцәа аӡбрҭа уада ашәқәа дыркит.

Гьаргь Миндаӡе ԥхынҷкәын 1 азы даанкылан. Апрокурор уи абҵара 29 рзы аполициа аусуҩ апиротехника игәыдҵара ихараиҵеит – 353-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа – аполициа аусуҩ иқәлара.