Аполициа аусуҩцәа Қарҭ иҟалаз ауаҩшьра афакт азы ҩыџьа ацәгьоуцәа ааныркылеит
АҩАР Қарҭтәи аполициа адепартамент аусуҩцәа имҩаԥыргаз аоперативтә-усԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан Қарҭ иҟалаз ауаҩшьра афакт азы ҩыџьа ацәгьоуцәа – 1989 шықәсазы ииз И.Г-и, 1980 шықәсазы ииз Р.П-и иааныркылеит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла АҩАР аҟынтә.
Урҭ 15 шықәсанӡа аҭакра рықәырҵар ҟалап.
Аусԥшаара аинформациа ала, иаанкылоу ахаҿы – И.Г. қарҭтәи барк аҿы 2006 шықәсазы ииз А.Ш. аҳәызбала дихәын, дыбналеит. А.Ш. аҭыԥаҿ иԥсҭазаара далҵит.
Азакәанхьчаҩцәа имҩаԥыргаз аоперативтә-аусԥшааратә уснагӡатә аан И.Г. дааныркылеит.
Ишеилкаахаз ала, ауаҩшьра шыҟалаз ибеит Р.П., аха аполициа аусуҩцәа адырра римҭеит.
Аусԥшаара хацыркуп 108-тәии 376-тәии ахәҭаҷқәа рыла.