Аполициа аусуҩцәа Баҭым  ациркулиар ҟаҧшь ала изышьҭаз ахаҿы дааныркылеит
Аполициа аусуҩцәа Баҭым ациркулиар ҟаҧшь ала изышьҭаз ахаҿы дааныркылеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҷара аполициа адепартамент аусуҩцәа имҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан Баҭым, ациркулиар ҟаҧшь ала изышьҭаз  1989 шықәсазы ииз Украина атәылауаҩ А.К. дааныркылеит

Аусҳәарҭа аинформациала, иаанкылоу А.К. Германтәылеи Польшеи рзинхьчаратә усҳәарҭақәа еиуеиԥшым ацәгьоуразы, еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ анапхгареи амигрантцәа закәандарала риагареи рзы ациркулиар ҟаԥшь ала иԥшаара иаҿын.