Аполициа аусуҩцәа Аҷара хҩык атәымтәылауаа анаркоацәгьауразы иааныркылеит
Аполициа аусуҩцәа Аҷара хҩык атәымтәылауаа анаркоацәгьауразы иааныркылеит

Аҷара Аполициатә департамент Хелвачауртәи аҟәша аусзуҩцәа, аоперативтә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧганы, анаркотикқәа рацәаны закәандарала раахәареи рыҵәахреи ахарадҵарала, Беларусь хҩык атәылауаа (2000 шықәсазы ииз Е.Л-и, 2000 шықәсазы ииз В.З-и, 2001 шықәсазы ииз Г.К-и ааныркылеит, – аарыцҳаит АҩАР аҟынтә.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.

«Ахара зду ауаа рынхарҭақәа реимдараан иаарҧшын анаркотикатә хархәагақ рацәаны. Иара убас, азинхьчаҩцәа уааҵәҟьа ирбеит анаркотикқәа реихшареи рҭаҧсареи азы иаҭаху аполиетелентә пакетқәеи аелектронтә акапангақәеи», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.

Аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла  260-тәии 260^1 -тәи ахәҭаҷқәа рыла.