Аҧыза-министр Коџьори-Табахмела иҟалаз ақәҧарааан иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла игәалаиршәеит
Аҧыза-министр Коџьори-Табахмела иҟалаз ақәҧарааан иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла игәалаиршәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе дицны, 1921 шықәса жәабран азы Қырҭтәыла ахьыҧшымра азықәҧараан иҭахаз ақәҧаҩцәа ҳаҭырла игәалаиршәеит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩи атәылахьчара аминистри афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.  

Ампыҵахалара амш инамаданы, аинрал Гьаргь Квинитаӡе ихьӡ зху акадетцәа рырратә лицеи акадетцәа,  аиункерцәа рформа рышәҵаны, раҧхьатәи ареспубликеи аҳәынҭқарратәи абираҟқәа кны, амемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Иара убас, асимволтә ҵакы аҵаҵаны, уааҵәҟьа идырҳәеит  1918-1921 шықәсқәа рзтәи Қырҭтәыла раҧхьатәи адемократиатә республика арратә марш, уи нанангӡеит Амилаҭтә гвардиаа арратә-арбааратә оркестр.