Аҧыза-министр иинициативала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 8-нӡа ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит Қырҭтәыла арегионқәа зегьы рҿы, аковидрегулиациақәа рықәныҟәарала
Аҧыза-министр иинициативала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 8-нӡа ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит Қырҭтәыла арегионқәа зегьы рҿы, аковидрегулиациақәа рықәныҟәарала.
Аҧыза-министр ипрессмаҵзура адыррала, ашықәсҿыцтәи аџьармыкьақәеи, ацәыргақәҵақәеи, ахәыҷтәы агәырҿыхаратә ашҭақәеи еиҿкаахоит амуниципалитетқәа зегьы рҟны. Бабаду ахәыҷқәа ахаатәқәеи аҳамҭақәеи рзишоит.
Ахәылбыҽхан зехьынџьара аконцертқәа мҩаҧысуеит. Ауснагӡатәқәа хыркәшахоит агәырҕьаратә салиут ала.
Ауснагӡатәқәа зегьы рҿы аковидрегулиациақәа ихьчазаауеит.