Аҧыза-министр  Covid-19 ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧылан,  аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәыларазы ишьақәыргылаз аҧкрақәа рылҵшәақәеи,  агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи, амедицинатә аибыҭара амобилизациазы имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи иазкны драцәажәеит
Аҧыза-министр Covid-19 ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧылан, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәыларазы ишьақәыргылаз аҧкрақәа рылҵшәақәеи, агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи, амедицинатә аибыҭара амобилизациазы имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи иазкны драцәажәеит

Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа  Covid-19 ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа рҟны аинтенсивла аиҧылара мҩаҧигоит. 

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аганахьала аиҳабыратә ҩымзтәи аплан иахылҵыз алҵшәақәеи, атәыла амасштабла агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи, амедицинатә аибыҭара амобилизациазы имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи   ирылацәажәеит аиҳабыра рнапхгаҩи аклиникақәа рнапхгаҩцәеи иахьатәи реиҧылараҿы. Акоронавирус ахылаҧшра иалахәы астационарқәа рнапхгаҩцәа ишазгәарҭаз ала,  амч змоу аҧкрақәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара  иацхраауеит, аха, уажәазы иҟоу алҵшәақәа акгьы рыхьчаразы аҵакы ду амоуп  аиҭаҵра аизырҳара аганахьала агәҽанызаара  ду аарҧшра. 

Дара ишырҳәаз ала, уажәтәи аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи қәҿиарала авирус ахылаҧшреи абзоурала, ауааҧсыра иаҳа иҭынчхеит, авирус ашьцылара аелементқәа лабҿаба иубарҭоуп,  аха, аҳәынҭқарреи, хазхаҭалатәи асектори, ауааҧсыреи  авирус аларҵәара апревенциазы ишьақәыргылоу аҧкрақәа зегьы ирықәныҟәалароуп, уажәазы уи аҵакы ду амоуп. 

Иара убас, аиҧылараҿы иалацәажәеит аклиникатә сасааирҭақәа рҿы аҭагылазаашьагьы, уаҟа атерапиатә елемент ирҕәҕәоуп,а апациентцәа зегьы аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп. Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, уажәазы агоспитальтә сектор аҿы рҽырыхәшәтәуеит 6 300ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә  2 900ҩык апациентцәа аклиникатә сасааирҭақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аклиникатә сасааирҭақәа қәҿиарала русура ала агоспитальтә сектор излауа ала иҭадырцәыроуп, избанзар амедицинатә цхыраара ҷыда зҭаху ауааҧсыра ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧ рымазароуп.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, уажәазы атәыла зехьынџьара  28 нызқьҩык активтә чымазаҩцәа иҟоуп. Аклиникақәа рнапхгаҩцәа рҳәамҭала, уажәтәи астатистика ацымлароуп, избанзар агоспитальтә сектор иҭәуп. Дара ражәақәа рыла,  ҧасеиҧш уажәгьы хшыҩзышьҭра ҷыда рымоуп зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы инарҭбаау аинформациа иоуит агоспитальтә сектор аҿы иҭацәу аҭыҧқәеи иацҵаны ареанимациатә ҭыҧқәа реиқәыршәареи амедицинатә аибыҭара амобилизациеи азы имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи ирызкны.  Иара убас, аиҧылараҿы, аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы имҩаҧысуа аусурагьы иалацәажәеит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб анапхгаҩы Алеқсандр Хоџьеванишвилии.