Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр ҿыц Ҭеа Ҵулукиани дылҧылеит. Лара, иахьа инаркны, аофициалла лнапынҵақәа рынагӡара далагеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ҿыц еиҿкаау аминистрра аиқәыршәареи, аилазаашьа ашьақәыргылара азҵаареи, акультуреи аспорти аҿар русқәеи ирызку ахадаратә хырхарҭақәеи.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан, иара убас, ирылацәажәеит 2024 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аофициалтә азыҳәамҭа ҟанаҵаанӡа, атәылаҿы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәагьы. Ишазгәаҭаз ала, Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра абри апроцесс аҿы иахәҭоу аҭыҧ амазароуп.
Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы министрс Ҭеа Ҵулукиани лықәыргылара иазку адҵа аиҳабыра рнапхгаҩы инапы аҵаиҩит хәажәкыра 19 рзы.