Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио мшаҧытә ибжьагажәа
Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио мшаҧытә ибжьагажәаҿы Акаталикос-Патриарх Илиа II илшамҭақәа дрыхцәажәеит.
«Акыршықәса ирылагӡаны абри аџьар хьанҭа аныҟәгара мариамызт. Есымшатәи иҧсҭазаара, иҟаиҵоз аусқәа зегьы, ихәыцрақәа зегьы агәаҟреи ахамеигӡареи рыцын. Иара атеисттә режим иланарҟәоз, изышьҭацалоз, ирбгаз аҭынха цәгьа иоуит, аха, ҳара иаҳзаанижьит ҳтәылеи ҳуаажәларреи рҿы ароль ду назыгӡо, еиҭашьақәыргылоу Ауахәама ҕәҕәа.
Ҳпатриарх, иҧсҭазаара дшалҵызгьы, дҳацушәа, абжьагажәа ҳаиҳәозшәа ҳгәы иаабоит. Иара иҟаиҵоз абжьагарақәа наӡаӡа ҳагәқәа рҿы иаанхоит.
Аидгылареи, аныҳәареи, акзаареи, абзиабареи рылоуп ҳара ишақәнагоу еиҧш ауахәаматәи аҳәынҭқарратәи ҧсҭазаара анагӡара шҳалшо. Аҧсцәа рҟынтә игылаз Кьырса агәрагара дуи, абзиабареи, аҭынчреи, аидгылареи, аҟәышреи ҳаиҭааит!
Қьырса дыбзахеит!